Леван Хабеишвили -  Каспи, атәанчуаа ҳахьырҧылоз аҩны иакәшеит
Леван Хабеишвили -  Каспи, атәанчуаа ҳахьырҧылоз аҩны иакәшеит

«Каспи ауааҧсыра  ахацәа рзы атәанчаратә ақәра  60 шықәсанӡа армаҷра шаҭаху, аминималтә атәанчахә  400 лари аҟынӡа ишацҵатәу азы ҳрацәажәон. Аиҧылара мҩаҧысуан ҳпартиа ахантәаҩы лҭаацәараҿы.  «Аурыс партиа» аҩны иакәшеит, ахаҳәқәа ҳгәыдырҵон,  «Амилаҭтә ҵысра» амашьынақәа ҧхасҭартәит, — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Леван Хабеишвили.

Иара ишиҳәаз ала, ауааҧсыра рҧылареи атәанчаратә реформа иазку аинициативақәа рылацәажәареи нарыгӡоит.

Хабеишвили иажәақәа рыла, дара ирықәлеит аҭыҧанәти аструктурақәа рхаҭарнакцәа.

««Ақырҭуа гәахәтәы» адгылаҩцәагьы аахақәа роуит. Аполициа аусуҩцәа хсааҭк иҟаӡамызт, избанзар, дара роуп абри зегьы еиҿызкааз. Арҭ ауаа зегьы аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа роуп, рызынтәгьы азакәан аҿаҧхьа аҭакҟаҵара рықәшәоит», — иҳәеит Леван Хабеишвили.

Каспи Леван Хабеишвилии  «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәеи ирықәлеит.