Леван Хабеишвили – Ари аиааира алхрақәа ирылахәыз ауааҧсыра зегьы иртәуп
«Биӡина Иванишвилии иҳәатәы иацныҟәо ауааҧсыреи ирасҳәар сҭахуп рханы аҧҭа еиқәа шцәырҵыз, урыстәылатәи аолигарх ҳажәлар рыҧсебакра закәу еиликаауеит», — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы ҿыц Леван Хабеишвили.
Хабеишвили ишиҳәаз ала, аидгылареи азеиҧш хықәкқәа разықәҧареи ауп уажәазы ихадоу.
«Амилаҭтә ҵысра» — Қырҭтәылаҿ адемократиатә, мраҭашәаратә принципқәа ирызгәыку апартиа заҵәуп. Иахьа инаркны, ҳтәылаҿы аҭынчра шьақәзыргылаша апроцесс иалагоит. Ҳара аусура ду амҩаҧгара ҳгәы иҭоуп. Иахьа инаркны, аолигархиатә режим аҵархара иазку иуадаҩу ақәҧара иалагоит. Иахьа инаркны «Амилаҭтә ҵысра» , абри ақәҧараҿы лагалак ҟазҵар зылшо ауааҧсыра зегьы рзы иаартызаауеит. Ари аиааира алхрақәа ирылахәыз ауааҧсыра зегьы иртәуп», — иҳәеит Хабеишвили.
Левана Хабеишвили ишиҳәаз ала, ари аиааира Михаил Саакашвилигьы итәуп, избанзар уажәы иара иҧсҭазаара аиқәырхара дазықәҧоит. Иара иажәақәа рыла, раҧхьа иргыланы, апартиа, Михаил Саакашвили ихақәиҭтәра иазықәҧоит.