Леван Хабеишвили - Аиааира агара ауп хықәкыс иҳамоу, егьҳалшоит, хәнаӡына акәым, 55 наӡына агара ҳгәы иҭоуп
Аиааира агара ауп хықәкыс иҳамоу, егьҳалшоит, – иҳәеит апартиа “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Леван Хабеишвили.
Леван Хабеишвили иажәақәа рыла, алхрақәа рҿы 55 наӡына агара ргәы иҭоуп
“Амилаҭтә ҵысра”, “Аиааира аплатформа” Европа аҭаацәара алалразы ақырҭуа жәлар рнапаҿы иҟоуп зегь реиҳа иӷәӷәоу инструментуп. Аиааира агара ауп хықәкыс иҳамоу, егьҳалшоит“, -иҳәеит Хабеишвили.
Хабеишвили иажәақәа рыла, алхрақәа рҿы ацклаԥшратә миссиақәа хымԥада иҟазаауеит.
„Ақырҭуа уаажәлара ажәа аҳҭоит анаҧшцәа алхрақәа ршыцклаԥшуа. Апартниорцәа ақырҭуа жәлар рыдгылоит. Урҭ рҽалагалара аҵак ҷыда амоуп. Ирҭаху ҳәааит, аха анаԥшцәа аауеит. “Аурыс партиа” агәы иҭоу сыздырӡом”, – иазгәеиҭеит апартиа “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы.
Апарламенттә фракциа «Амилаҭтә ҵысра» Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ааҧхьара ҟанаҵеит Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаарахь аҳәара ҟарҵарц апарламенттә алхрақәа рыцклаҧшразы анаҧшцәа аарышьҭырц. Ари иаҭакны Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аланарҵәеит. «Қырҭтәыла иаиуз абжьагарақәа рынагӡара иазку апланаҿ инарҭбааны иарбоуп атәылаҿ зхы иақәиҭу, иаарту, аконкуренциа ахьыҟало алхрақәа рымҩаҧгаразы атәыла аиҳабыра имҩаҧырго аусмҩаҧгатәқәеи аҿҳәарақәеи. Рыцҳарас иҟалаз, аполитикатә мчқәак хықәкыла ари азҵаара аполитикатә ашьаҭа аҭаны, ҳуааҧсыра ржьар рҭахуп», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.