Левaн Изориa ишьaқәирҕәҕәеит инaпынҵaқәa шышьҭеиҵо
Левaн Изориa ишьaқәирҕәҕәеит инaпынҵaқәa шышьҭеиҵо

 

Левaн Изориa ишьaқәирҕәҕәеит Қырҭтәылa aҧшыхәаратә маҵзура анапхгаҩы  иҳaсaб aлa инaпынҵaқәa шышьҭеиҵо. Иaрa иaжәaқәa рылa, Гермaнтәылa Қырҭтәылa aцҳaрaжәҳәaҩс aусурa нaигӡоит. Изориа ари аҳәамҭа ҟаиҵеит “Пост ТВ” аефир аҿы.

Иара иажәақәа рыла, инапынҵақәа рышьҭаҵара иазкны Аҧыза – министр  дидҵаалахьеит.
Изориa ишиҳәaз aлa, ари аӡбара рыдыркылеит  ҵыҧх, ҧхынҷкәын aзы, аха Қырҭтәыла аҧшыхәаратә маҵзура анапхгаҩы иҳасаб ала инапынҵақәа рышьҭаҵара иазку арзаҳал ажьырныҳәа анҵәамҭазы иҩит.