Леван Иоселиани - «Вивамеди» иҭоу абаандаҩцәа зегьы збеит, Михаил Саакашвилигьы данрылаҵаны,  иара уахьихәаҧшуа хар имамкәа дыҟоуп
Леван Иоселиани - «Вивамеди» иҭоу абаандаҩцәа зегьы збеит, Михаил Саакашвилигьы данрылаҵаны,  иара уахьихәаҧшуа хар имамкәа дыҟоуп

««Вивамеди» иҭоу абаандаҩцәа зегьы збеит. Иара убас, Михаил Саакашвили иҿгьы сыҟан, сиацәажәеит. Шықәсыкахь знык апенитенциартә усбарҭақәа зегьы сырҭаауеит, абаандаҩцәа срацәажәоит, ари авизитгьы убри акәын изызкыз», — иҳәеит Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани.

Аомбудсмен иҳәамҭала, иара Михаил Саакашвили игәабзиара дзалацәажәом, аха, уахьихәаҧшуа хар имамкәа ыҟоуп.

«Сара Саакашвил игәабзиара аҭагылазаашьа сзалацәажәом, аха, уахьихәаҧшуа ҧаса саныҟаз аасҭа  акырӡа деиҕьуп. Абахҭашҟа ихынҳәра  азҵаара ҳаламцәажәеит, уи скомпетенциақәа ирыҵанакуа.  Сара игәабзиара иазкны аинформациа соуит, аха, аргама уи сзалацәажәом», — иҳәеит  Иоселиани.