Леван Давиҭашвили – Қырҭтәыла асанкциақәа ззышьақәыргылоу анефт аанахәом
Леван Давиҭашвили – Қырҭтәыла асанкциақәа ззышьақәыргылоу анефт аанахәом

Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили иҳәамҭала, Қырҭтәыла асанкциақәа ззышьақәыргылоу анефт аанахәом. Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла  аҭакҧхықәра дула асанкциақәа зегьы ирықәныҟәоит.

Леван Давиҭашвили ари ҳамҭа ҟаиҵеит «Амилаҭтә ҵысра» иалахәы Леван Хабеишвили аиҳабыра ирзықәиргылаз ахарадҵарақәа рзы аҭак аныҟаиҵоз. Хабеишвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла  Урыстәылантә аанахәоит асанкциақәа ззышьақәыргылоу анефт, иара уи азы ахара рыдиҵеит  аилахәырақәа  Wissol Group, Aragvi Impex,  Lukoil.

Давиҭашвили ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аилахәырақәа иаархәо анефт асанкциақәа азышьақәыргылам.

«Аҭаҧкҧхықәра наӡа схы иадҵаны исҳәар сҭахуп,  Қырҭтәыла асанкциақәа ззышьақәыргылоу анефт аанахәом. Қырҭтәыла асанкциақәа зегьы ирықәныҟәоит, ари аганахьала аҿыҧныҳәакгьы ҳмоуӡацт.  Зыӡбахәы ҳәоу аилахәырақәа иаархәо анефт асанкциақәа азышьақәыргылам, абри анефт аархәоит европатәи атәылақәа рацәа. Акоммерциатә еилахәырақәа аӡбарақәа рыдыркылоит уажәазы иҟоу апрактика иазҧхьагәаҭаны», — иҳәеит Давиҭашвили.