Леван Давиҭашвили – Қырҭтәыла аҭагылазаашьа егьырҭ атәылақәа рҭагылазаашьа аконтекстаҿ ахәаҧшра ҟалом
«Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩцәа ҳанырҧылоз иаҵшьны иазгәаҳҭеит Қырҭтәыла аҭагылазаашьа егьырҭ атәылақәа рҭагылазаашьа аконтекстаҿ ахәаҧшра шыҟамло», — иҳәеит Қырҭтәыла авице-аҧыза Леван Давиҭашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.
«Қырҭтәыла Урыстәыла аҳәаа иаҧнуп, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына импыҵахалоуп, убри аҟынтә, Қырҭтәыла аҭагылазаашьа Евроеидгыла атәылақәа рҭагылазаашьа еиҧшым, Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩцәа ари азҵааразы иаартны ҳрацәажәеит. Ацҳаражәҳәаҩцәа реиҳара ари апозициа еилыркаауеит ҳәа сгәы иаанагоит.
Иара убас, ҳара, иахьатәи агеополитикатә ҭагылазаашьаҿы асанкциақәа рықәныҟәара ҳалацәажәеит. Урыстәылатәи афедерациа иадҳәаланы иҵегьы 3 пункт ҳауеит. Ишыжәдыруа ала, ҳҳәаа хада Ларс иалсны ицоит, уаҟа ахазалхратә хылаҧшра ҕәҕәа шьақәыргылоуп, убри алагьы иубарҭоуп Қырҭтәыла жәларбжьаратәи асанкциақәа рынагӡара аганахьала игәрагоу партниорс ишыҟоу. Аха, аимадара акәап ҿыцқәа ҳамоуп Қарҭтәи, Қәҭешьтәи, Баҭымтәи аҳаирбаҕәазақәа рҿы. Уаагьы ахазалхратә хылаҧшра ҳарҕәҕәоит. Ари аинформациагьы аҵакы ду амоуп, Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩцәа уигьы раҳҳәеит», — иҳәеит Давиҭашвили.
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински ишиҳәаз ала, иара Қырҭтәыла авице-аҧыза иеиҳәеит Евроеидгыла иалоу атәылақәа зегьы Урыстәылантә ишиашо ареисқәа рыдкылара иазкны Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз аӡбара ишаргәамҵуа.