Леван Давиҭашвили – Ҳара хықәкыс иҳамоуп Китаи еиуеиҧшым ақалақьқәа рахь есымша жәаба раҟара ареисқәа рымҩаҧгара
Леван Давиҭашвили – Ҳара хықәкыс иҳамоуп Китаи еиуеиҧшым ақалақьқәа рахь есымша жәаба раҟара ареисқәа рымҩаҧгара

«Ҳара,  ареисқәа рацҵаразы,  China Southern Airlines аус ацаауеит, ишиашо ареисқәеи ақалақьқәеи рхыҧхьаӡара ацаҳҵар ҳҭахуп. Ҳшеиқәшаҳаҭхаз ала,  ҽнакала реиск мҩаҧысуеит,  аха, иаҳа идуу амбициақәа ҳамоуп.  Иаартны ишәасҳәоит,   Китаи еиуеиҧшым ақалақьқәа рахь есымша жәаба раҟара ареисқа рымҩаҧгара ҳҭахуп, аекономикатә ганахьала уи алҵшәа бзиа ҳнаҭоит», — иҳәеит авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿҽиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили аиҳабыра радминситрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Аминистр ишиҳәаз ала, Китаи аҵакырадгьылаҿ Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭа аӡыргара аганахьала аусура ду мҩаҧгатәуп.

Авице-аҧыза иажәақәа рыла,  Китаи имҩаҧырго хықәкылатәи амаркетингтә кампаниақәа Қырҭтәылахь аинтерес шьҭырхроуп, уи, ишиашо, аҧыррақәа рызҵаара иадҳәалоуп.  Леван Давиҭашвили иҳәамҭала, аҧыррақәа  рзы аҭахрақәа ҟамлар,  авиаеилахәырақәа Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара ишиашо аҧыррақәа рымҩаҧгара иазҿлымҳахом.

«Ареисқәа рзы аҭахра аизырҳара аганахьала ҳминистрра аусура ду мҩаҧнагароуп. Раҧхьатәи аетап азы мышкала реиск мҩаҧаагоит. Уи х-ганктәи ареисхоит  – Пекин – Урумчи – Қарҭ. Ҳаҧхьаҟа Китаи мрагыларатә ақалақьқәа рҟны ишиашо аимадара аизырҳара ҳгәы иҭоуп», — иҳәеит Леван Давиҭашвили.