Леван Давиҭашвили - Арегион аҟны Қырҭтәыла Америказы зегь реиҳа иҭышәынтәалоу, зекономикатә ҭагылазаашьа апрогноз аҟаҵара мариоу тәылоуп
ЕАШ аусуратә визитла иҟоу вице-аԥыза Леван Давиҭашвили америкатә бизнес ахаҭарнакҵәа Қырҭтәыла иҟоу аекономикатә тенденциақәа рызкны ирзеиҭаиҳәеит. Ари атәы аарыцҳаит Аекономика аминистрра аҟынтә.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, Леван Давиҭашвили Америкеи Қырҭтәылеи рбизнесхеилак алахәылацәа дырԥылан, ҩганкалатәи аекономикатә аизыҟазаашьақәа рприоритеттә хырхарҭақәа дырзааҭгылеит. Ахеилак аилатәараҿ Аекономика аминистр америкатәи абизнесменцәа Қырҭтәыла аекономикатә арбагақәа ирызку аинформациа риҭеит. Америкатәи абизнесменцәа аенергетикеи, атранспорти, алогистикеи, аимадареи, афинанстә сектори рганахьала аинтерес аадырԥшит. Чыдала иазааҭгылеит аинформациатә технологиақәеи зырҿы́цра ҟало аенергетикатә хыҵхырҭақәа.