Леван Давиҭашвили Аинфарструктуратә инвестициақәа рзы Азиа абанк вице-ахада диԥылеит
Леван Давиҭашвили Аинфарструктуратә инвестициақәа рзы Азиа абанк вице-ахада диԥылеит

Қырҭтәыла вице-аԥыза-, Аекономикеи ишьақәгылоу аҿиареи рминистр Леван Давиҭашвили Аинфарструктуратә инвестициақәа рзы Азиа абанк (AIIB) вице-ахада  Константин Лимитовски диԥылеит.

Аекономика аминистрра апрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥылараҿ ирзааҭглеит абанк Қырҭтәыла наҟ-наҟтәи аусзура азҵаарақәа

“Ҳара аструктуратә реформақәеи идуӡӡоу аинфраструктуратә инвестициақәеи (Амшын Еиқәа аӡаҵантәиа кабель, Анаклиатәи абаӷәаза) рхырхарҭала аҿҳәарадутәи апотенциал ахархәаразы аинтерес ҳамоуп”, – иҳәеит Леван Давиҭашвили.

Аинфарструктуратә инвестициақәа рзы Азиа абанк (AIIB) вице-ахада  Қырҭтәылаҟны иқәҿиароу аусеицура дахцәажәан, арҭ аизыҟазаашьақәа рырҿиара дашзыхиоу иазгәеиҭеит.