Леван Давиҭашвили – Аиҳабыра рыӡбарала,  «Анаклиа иҟоу,  иҵаулоу Амшынеиқәатәи абаҕәаза аргылареи, анапхгара аҭареи» апроект анагӡара аетапқәа ҳәаақҵоуп
Леван Давиҭашвили – Аиҳабыра рыӡбарала,  «Анаклиа иҟоу,  иҵаулоу Амшынеиқәатәи абаҕәаза аргылареи, анапхгара аҭареи» апроект анагӡара аетапқәа ҳәаақҵоуп

Қырҭтәыла аекономика аминистр  Леван Давиҭашвили иҳәамҭала, аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны,  «Анаклиа иҟоу,  иҵаулоу Амшынеиқәатәи абаҕәаза аргылареи, анапхгара аҭареи» апроект анагӡара аетапқәа ҳәаақҵоуп.

Давиҭашвили иажәақәа рыла, ари азҵаара мызқәак аус адырулон.

«Аусура ду шымҩаҧгоу жәдыруеит.   2021 шықәсазы голландиатәи аконсалтингтә еилахәыра MTBS  аекономикатә ҭҵаарақәа мҩаҧнагеит.  Иахьазы апроект аҿиаразы апартниор иалхреи аҭагылазаашьақәа ииашаны рышьақәыргылареи азы  аинформациа наӡа ҳамоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит.

Ҳара  атәыла атранзиттә потенциа инагӡаны ахархәара иацхрааша ҳаамҭазтәи абаҕәазатә инфраструктура ҳамазар ҳҭахуп. Уи абзоурала алогистикатә операциақәагьы рымҩаҧгара ҳалшоит.

Апроект азҿлымҳара ду амоуп. Сынтәа иакымкәа аиҧыларақәа мҩаҧаагахьеит,  Абу-Даби идуӡӡоу абаҕәазақәа рделегациагьы ҳарҧылахьеит, дара аҭыҧаҿы апроект гәарҭеит.  Иара убас,  иахьа Персиатәи аӡыбжьахала тәылақәак рделегациақәагьы ҳарҧылоит. Ишыжәдыруа ала, Ацентртә Азиа атәылақәа рахьгьы иакымкәа авизитқәа мҩаҧган,  даргьы ари абаҕәаза иазҿлымҳауп», — иҳәеит  Давиҭашвили.