Леван Бежашвили – Аолигархиа иазку азакәан ақырҭуа вариант  иҩтәуп, мамзар, иҳадаргалаз аҧсахрақәа азакәанҧҵаратә   гьангьашрахоит
Леван Бежашвили – Аолигархиа иазку азакәан ақырҭуа вариант  иҩтәуп, мамзар, иҳадаргалаз аҧсахрақәа азакәанҧҵаратә   гьангьашрахоит

«Украинатәи амодель зынӡаскгьы даҽа политикатә ҭагылазаашьак иадҳәалоуп.   Ураинатәи аверсиа ахҩаалареи аиҭагареи ҟалом, избанзар,  Украина зынӡаскгьы даҽа политикатә ҭагылазаашьак иҟоуп. Уаҟа адемократиатә мчра алхуп, атәыла ахада иоума, апарламент аума, аӡәгьы аолигарх инырра аҵаҟа дыҟам», — иҳәеит  «Амилаҭтә ҵысра» иалахәы  Леван Бежашвили.

Адепутат иҳәамҭала, атәылаҿы аолигархтә напхгараҭара адыргақәа зегьы убарҭоуп, аҳәынҭқарра рнапаҿы иҟоуп, уи азгәарҭеит жәларбжьаратәи аиҿкарақәа рацәа.

«Ҳара аолигарх дҳамоуп, иара убас, иара ишьаҭеиркыз,  инырра аҵаҟа иҟоу апартиа ҳамоуп.   Аолигархтә напхгараҭара адыргақәа зегьы убарҭоуп, аҳәынҭқарра рнапаҿы иҟоуп, уи азгәарҭеит жәларбжьаратәи аиҿкарақәа рацәа. Сара апарламенттә аиҳара рахь ааҧхьара ҟасҵоит азакәанпроект азы аусеицура иалагарц. Ҳара хазы хаҿқәак ҳарзааҭгылар ҟалом, атәылаҿы азеиҧш ҭагылазаашьа ааҳарҧшыроуп, азакәанпроект ҿыц аҧаҳҵароуп.  Апарламенттә оппозициа антиолигархтә закәан ахатә версиа рымоуп. Ҳәарада, ҳгәаанаграқәа ахьеиҧшым аҭыҧқәа иҟоуп, аха, аҩ-версиак ҳрыхәаҧшны, ҳаиқәшаҳаҭхап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит  Бежашвили.

Иахьа ицәырыргароуп аусуратә гәыҧ аҳәаақәа ирҭагӡаны еиқәыршәаз азакәанпроект, уи адеолигархизациа иазку украинатәи амодель иеиҧшуп. Азинтә зҵарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Анри Оханашвили ишиҳәаз ала, азакәанпроект иахәаҧшуеит  Венециатәи акомиссиа аҟынтә аихшьаала анроулак ашьҭахь.