Латвиеи, Мальтеи, Словакиеи рҿы Европарламент ахь алхрақәа мҩаԥысуеит
Латвиеи, Мальтеи, Словакиеи рҿы Европарламент ахь алхрақәа мҩаԥысуеит

Евроеидгыла атәылақәа рҿы Европарламент ахь алхрақәа мҩаԥысуеит. Алхырҭақәа иахьа хтәылак  – Латвиеи, Мальтеи, Словакиеи рҿы иаартын.

Латвиа алхырҭақәа аартын асаат 08:00 рзы, абжьыҭира ихыркәшахоит асааҭ 20:00 рзы. Атәыла аҟынтә Бриусселт ашҟа жәҩык адепутатцәа ицоит. Европарламент аҿы аҭыԥқәа ирхықәԥоит 16 партиақәеи аполитикатә аидҵарақәеи рҟынтә 271-ҩык акандидатцәа. Латвиа Ацентртә алхратә комиссиа адыррақәа рыла, изаамҭаным алхрақәа рхы аладырхәоит 128 938-ҩык алхыҩцәа – ауааԥсыра р-8.37%.

Мальта иалырхроуп фҩык акандидатцәа. Атәылаҿ лхырҭақәа аартын асаат 07:00 рзы, абжьыҭира ихыркәшахоит асааҭ 22:00 рзы. Словакиа лхырҭақәа аартын асаат 08:00 рзы, абжьыҭира ихыркәшахоит асааҭ 22:00 рзы, уа иалырхроуп 15-ҩык адепутатцәа.

Иахьа, шьыбжьышьҭахь алхратә процесс иалагоит Италиаҿ. Иацы алхрақәа Чехиеи Ирландиеи рҿы мҩаԥган.

Европарламент ахь алхрақәа уаҵәы ихыркәшоит. Евроеидгыла атәылауаа 720-ҩык апарламентарцәа иалырхроуп.