Латвиа Урыстәыла атәылауаа рзы имариоу аҵасла аиҭаҵра иазку аиқәшаҳаҭра ааннакылеит
Латвиа Урыстәыла атәылауаа рзы имариоу аҵасла аиҭаҵра иазку аиқәшаҳаҭра ааннакылеит

Латвиа Урыстәыла атәылауаа рзы имариоу аҵасла аиҭаҵра иазку аиқәшаҳаҭра ааннакылеит. Ари аӡбара Латвиа анапхгара рыдыркылеит Урыстәыла Псков иҟаз Латвиа аконсулра аркра иаҭакны.

Псковтәи аконсулра Урыстәыла Латвиатәи адипломатиатә хаҭарнакра заҵәык акәын. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Латвиеи Урыстәылеи рҳәаатә раионқәа ирықәынхз урыстәыла ауааԥсыра Латвиашҟа имариоу аҵасла аиасра рылшон. Ари аиқәшаҳа́ҭра анапы аҵаҩы 2010 шықәсазы.

Урыстәыла Украина анақәла ашьҭахь, Латвиа Урыстәыла атәылауаа рзы авизақәа рыҭара ааннакылеит.

Латвиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Едгарс Ринкевичс Евроеидгыла ахь ааԥхьара ҟаиҵеит Урыстәыла атерроризм зыдгыло тәылас рыԥхьаӡарц. Латвиатәи адипломат “Еленовкаҿ украинатәи арратә тҟәацәа рыргәаҟреи рышьреи аурысцәа украинаа рганахьала имҩаԥыргаз ацәгьаурақәеи” дырҿагылеит. Ринкевичс Евроеидгыла ахь ааԥхьара ҟаиҵеит Урыстәыла атәылауаа атуристтә визақәа рыҭаразы аԥкрақәа шьақәнаргыларц.

Урыстәылатәи арбџьармчқәа Донецктәи атәылаҿацә Еленовка ахырхарҭала имҩаԥганаз артиллериала ахысраан иҭахеит 53-ҩык украинатәи атҟәацәа, 73-ҩык ахәрақәа роуит.