Лаҵара 26 инамаданы, Ниагаратәи аӡхыҽҽа Қырҭтәыла абираҟ аԥштәқәа рыла дырлашоит
Қырҭтәыла ахьыԥшымра амш инамаданы, Канада, Ниагаратәи аӡхыҽҽа Қырҭтәыла абираҟ аԥштәқәа рыла дырлашоит. Ари атәы аанацҳаит Канада иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара.
Ахьыԥшымра амш инамаданы егьырҭ ауснагӡатәқәагьы мҩаԥгахоит.
“Лаҵара 26 рзы Канада аҳнықалақь Оттава ахадара аԥхьа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргалоит.
Лаҵара 25 рзы Қырҭтәыла абираҟ ахадыргалара ацеремониа мҩаԥгыхоит Торонто.
Колумбиатәи апровинциа аҳҭнықалақь Викториа аҿы агубернатор ихан аҿы аартхоит Викториа иҟоу “Аԥсуа иботаникатә баҳча” ашьаҭаркҩы Коте Аԥхази иԥа, Нико Аԥхази икәымжәы ахьцәыргахо ацәыргақәҵа,” – аарыцҳаит ацҳаражәҳәара аҟынтә.