Лаҵара 17 шьыбжьашьҭахь инаркны лаҵара 19-нӡа Қырҭтәыла еиҭасуа ақәа ауеит
Аҧсабара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, лаҵара 17 шьыбжьашьҭахь инаркны лаҵара 19-нӡа, Қырҭтәыла еиҭасуа ақәа ауеит, ҭыҧқәак рҿы акырц леир ауеит, амшын аҿы 2-3 абалл ашторм ҟалоит.
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, ақәоура амшала аӡиасқәа хыҵыр ауеит, ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы адгьылҳәазара ашәарҭара иҟоуп.