Лаҵара 15-16рзы Қырҭтәыла араионқәа реиҳара рҿы алышәшәақәеи, акырцхи, аҧша ҕәҕәеи, амшынаҿ ашторми ҟалоит
Қырҭтәыла Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра иааиуа амшқәа рзы амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, лаҵара 15-16рзы Қырҭтәыла араионқәа реиҳара рҿы алышәшәақәеи, акырцхи, аҧша ҕәҕәеи, амшынаҿ 3–4 абалл ашторми ҟалоит.
«Алышәшәақәа рымшала, аӡиасқәа рҿы аӡы аҩаӡа шьҭыҵуеит, адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ауеит», — иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.