Кумар Аиер – Ҳара Қырҭтәыла ҳаҭааит аелектротауарқәа 38 хкы рылацәажәаразы
«Ҳара Қырҭтәыла ҳаҭааит аелектротауарқәа 38 хкы рылацәажәаразы. Ҳара абри азҵаара мацара алацәажәаразы акәӡам Қырҭтәылаҟа ҳзааиз, ҳгәыҧ 5-6 ҳынҭқаррақәа рахь инеихьеит, иҵегьы аҭыҧқәа рацәа ҳарҭаауеит», — иҳәеит Британиа Бу адәныҟатәи аусқәеи, аиҩызареи, аҿиареи азы аофис агенералтә директор Кумар Аиер.
Қарҭ имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы Кумар Аиер иазҵааит: «Урыстәылеи асанкциақәа ззышьақәыргылоу Урыстәыла атәылауааи асанкциақәа рывсразы Қырҭтәыла ақәыҧшылара рымоуп ҳәа шәгәы иаанагома?»
«Ари азҵаара изныкымкәа иқәыргылан, сара даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп ҳара аелектротауарқәа 38 хкы ирыдҳәаланы Қырҭтәыла ҳшааиз. Ҳара абри азҵаара мацара алацәажәаразы акәӡам Қырҭтәылаҟа ҳзааиз, ҳгәыҧ 5-6 ҳынҭқаррақәа рахь инеихьеит, ари апроблема алацәажәаразы иҵегьы аҭыҧқәа рацәа ҳарҭаауеит. Ҳара ари апроблема аус шадаауло, азнеишьас иҳамоу, ҳконкреттә методика зеиҧшроу, абри зегьы ҳалацәажәар ҳҭахуп. Абри азҵаароуп аиҧыларақәа рацәа раан ахадаратә ҵакы змаз. Ари ахырхарҭала аусура наҳагӡоит», — иҳәеит Кумар Аиер.