Кумар Аиер – Ҳара гәыкала Қырҭтәыла аиҳабыра ҳраҭабууп асанкциақәа рывсра аҧыхразы иҟарҵаз ашьаҿақәа рзы

18:16, 28.06.2023

«Ҳвизит ахықәкқәа иреиуп  арратә азкызаара змоу атауарқәа Урыстәылаҟа рнагара аҧыхразы ҳусеицура анагӡара», —  иҳәеит  Британиа Бу адәныҟатәи аусқәеи, аиҩызареи, аҿиареи азы аофис агенералтә директор Кумар Аиер  Қарҭ имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

«Ацҳаражәҳәаҩ  О’Браиен иҟалар зылшо асанкциақәа дрылацәажәон. Абарҭ асанкциақәа Урыстәылазы ныррас ирымоу азы жәақәак сҳәар сҭахуп.  Арҭ асанкциақәа аибашьразгьы анырра рымоуп. Ҳара ибзианы иаадыруеит урыстәылатәи абџьар аиҳара мраҭашәаратә компонентқәа ишрыхьҧшу, арҭ акомпонентқәа асанкциақәа рзышьақәыргылоуп. Афронт аҟынтә иҳауа аматериалқәа анҭаҳҵаауа ибзианы иаабоит Урыстәыла мраҭашәаратә атәылақәа рҟынтә арҭ акомпонентқәа раиура шалымшо.  Дара иаҳа зхаҭабзиара цәгьоу акомпонентқәа рхы иадырхәоит, уи  рабџьаргьы ианыҧшуеит. Ҳара иаартны, аргама иаҳҳәоит иарбан компонентқәоу зегьы раасҭа ҳзыргәамҵуа. Интересс ишәымазар, ҳсаитаҿ инарҭбаау аинформациа жәбар шәылшоит. Уи  38 хкы рыла ишьақәгылоу атауар ҷыдоуп», — иҳәеит Кумар Аиер.

 

Еиԥшу