Кремль ишырҳәаз ала,  Владимир Зеленски еиқәиршәаз  "Аиааира аплан" иахәаҧшуеит ари аинформациа аофициалтә хыҵҵырҭақәа рыла аларҵәара анаиулак
Кремль ишырҳәаз ала,  Владимир Зеленски еиқәиршәаз  "Аиааира аплан" иахәаҧшуеит ари аинформациа аофициалтә хыҵҵырҭақәа рыла аларҵәара анаиулак

Кремль ишырҳәаз ала,  Владимир Зеленски еиқәиршәаз  “Аиааира аплан” иахәаҧшуеит ари аинформациа аофициалтә хыҵҵырҭақәа рыла аларҵәара анаиулак.

«АИХқәа рыла аларҵәара зауз аинформациа анализ азутәым ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ари аинформациа аофициалтә хыҵҵырҭақәа рҿы ицәырҵыр,  ҳәарада,  ҳара уи ҳахәаҧшуеит», — иҳәеит  Песков.

Визатла Америка даныҟәаз,  Владимир Зеленски ари аплан Америка ахадеи,  ишьҭрамдаҩцәа Камила Харриси,  Дональд Трампи идирбеит.

CNN аинтервиу аҿы Украина ахада иплан адетальқәак дрылацәажәеит.