Кремль ишырҳәаз ала, Трамп ихаан Урыстәыла иазеиҕьыз акгьы ҟарҵомызт  
Кремль ишырҳәаз ала, Трамп ихаан Урыстәыла иазеиҕьыз акгьы ҟарҵомызт  

«Ишыжәдыруа еиҧш, Трамп ихаан Урыстәыла иазеиҕьыз акгьы ҟарҵомызт  — уи еиҳангьы,  аҧкра ҿыцқәа шьақәдыргылон. Аха,  уезгьы,  адиалог иҟан», — иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.

«Путини Трампи реизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәозар,  ишыжәдыруа еиҧш,  Трамп ихаан Урыстәыла иазеиҕьыз акгьы ҟарҵомызт  — уи еиҳангьы,  аҧкра ҿыцқәа шьақәдыргылон. Аха,  уезгьы,  адиалог иҟан. Уи бзиарак аҳасабала уахәаҧшыр ауеит», — иҳәеит  Песков.

Америка ахада иҭыҧ азы акандидат Дональд Трамп   «Блумберг» аинтервиу аҿы ишиҳәаз ала, абҵара 5 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рҿы аиааира игар, Урыстәыла иазышьақәыргылоу асанкциақәа ирҧсыҽуеит.