"Кредит Суис" Урыстәыла 19 миллиард доллар иаҟароу активқәа арҵааит
"Кредит Суис" Урыстәыла 19 миллиард доллар иаҟароу активқәа арҵааит

Идуӡӡоу швеицариатәи абанк “Кредит Суис” Урыстәыла 19 миллиард доллар иаҟароу активқәа арҵааит.

Швеицариатәи аихқәа ишаарыцҳаз, ари аофициалла ирымаз адырра аҵкыс иаҳа идуӡӡоу активқәа роуп. Аофициалла швеицариатәи абанк аланарҵәаз адырра ала, арҵааит 8.1 миллиард доллар иаҟароу активқәа.

Швеицариаҿ Урыстәыла атәылауаа иртәыз 15 мазарак рырбаандаҩра аӡбара рыдыркылеит. Аамҭала ирымху активқәа 50 миллиард доллар иаҟарахеит.