Краснодар  аоперативтә штабаҿ ишырхәаз ала, урыстәылатәи  Су-25 Азовтәи амшын аханы икаҳаит  
Краснодар  аоперативтә штабаҿ ишырхәаз ала, урыстәылатәи  Су-25 Азовтәи амшын аханы икаҳаит  

Урыстәылатәи  Су-25 Азовтәи амшын аханы икаҳаит, — ари аинформациа аланарҵәеит Краснодартәи атәылаҿацә аоперативтә штаб.

Аштаб адыррақәа рыла, аҧырҩы акгьы имыхьит, иара  аҧрыга аҟынтә аҧара дахьӡеит.

Аха, телееграм-каналқәа рдыррақәа рыла, аҧырҩы аӡы дҭаҳан, дҭахеит.

Урыстәыла аладатәи арратә округ адыррала,  Су-25 икаҳаит аҽазыҟаҵаратә аҧырра аан.