Краматорсктәи аихамҩатә станциа аракетақәа рыла алахысра аан иҭахеит 39ҩык
Краматорсктәи аихамҩатә станциа аракетақәа рыла алахысра аан иҭахеит 39ҩык

Краматорсктәи аихамҩатә станциа аракетақәа рыла алахысра аан иҭахеит 39ҩык. Украинатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит Украина Ашәарҭадаратә маҵзура адырра шьаҭас иҟаҵаны.

Адырра ишану ала,  ахәышәтәырҭақәа рҿы аҧжәараан знапқәеи зшьапцәеи зцәыӡыз ауаа рацәоуп. Аҧжәараан авокзал аҿы иҟан  4000ҩык раҟара ауааҧсыра. Ари афакт иадҳәаланы, Украина Ашәарҭаадаратә маҵзура аушьауҕаус хьацнаркит арратә аамҭа азакәанқәа реилагаразы.

Иахьа урыстәылатәи арбџьармчқәа Краматорск иҟоу аихамҩатә станциа аракетақәа рыла иалахысит.