Коба Гвенетаӡеи Лаша Хуцишвилии Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд анагӡаратә директор Пол Хилберс иҧылеит
Амилаҭтә банк ахада Коба Гвенетаӡеи афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд анагӡаратә директор Пол Хилберс иҧылеит
Амилаҭтә банк адыррала, аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа атәылаҿы аекономикатә ҭагылазаашьеи арегион аҿы иҟоу апроблемақәеи ирылацәажәеит. Коба Гвенетаӡеи Лаша Хуцишвилии асасцәа ирзеиҭарҳәеит атәылаҿы амакроекономикатә ҭагылазаашьеи, аҧара-кредиттәии афискалтәи политикеи иазкны.
Иара убас, аиҧылараан иазааҭгылеит Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Анагӡаратә хеилак ала ишьақәырҕәҕәоу апрограммеи (Stand-By), ари апрограммала иазҧхьагәаҭоу аекономикатә реформақәеи.