Клара Чапаз  Франциа иҧсабаратәым аинтеллект раҧхьатәи аминистрс дҟалоит
Клара Чапаз  Франциа иҧсабаратәым аинтеллект раҧхьатәи аминистрс дҟалоит

Франциа иҧсабаратәым аинтеллект раҧхьатәи аминистр лыхьӡ рҳәеит, ари аус Клара Чапаз лнапы ианырҵоит.

Чапаз аҳәынҭқарратә стартап  La French Tech агенералтә директорс дыҟан.

«Аҧхьаӡаратәи иҧсабаратәыми аинтеллект ахырхарҭала гәахәарыла аусура насыгӡоит», — илҳәеит аминистр ҿыц.

Иара убас,  2024 шықса жәабран азы Франциа имҩаҧысуеит иҧсабаратәым аинтеллект азҵаарақәа рзы жәларбжьаратәи асаммит.