Китаинтә Қырҭтәылаҟа идәықәлеит раҧхьатәи еиҧырҟьам аидаратә дәыҕба
Китаитәи апровинциа Ганьсу аҟынтә Қырҭтәылаҟа идәықәлеит раҧхьатәи еиҧырҟьам аихамҩа-контеинертә дәыҕба. Аидара Қарҭ инеиуеит 10-12 мшы рышьҭахь. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, аихамҩа-контеинертә амҩангара мҩаҧгазаауеит еиҧҟьарада, Қырҭтәылеи егьырҭ европатәи атәылақәеи рышҟа.
Раҧхьатәи адәыҕба адәықҵара ацеремониа ихы алаирхәит Китаи иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Арчил Каландиа. Иара ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу апроект астратегиатә ҵакы амоуп, уи Атранскаспиатә жәларбжьаратәи атранспорттә корридор аҿиареи, иара убас, атранспорттәи, ахәаахәҭратәи, алогистикатәи регионалтә центр ҳасабала Қырҭтәыла аӡыргареи иацхраауеит.