Китаи Қырҭтәылеи рыбжьара авизадатә режим амч анаиу ашьҭахь Қарҭ-Урумчи-Қарҭ ахырхарҭала инагӡан актәи ишиашоу авиареис
Китаи Қырҭтәылеи рыбжьара авизадатә режим амч анаиу ашьҭахь Қарҭ-Урумчи-Қарҭ ахырхарҭала инагӡан актәи ишиашоу авиареис

„Қырҭтәыла аиҳабыреи  Китаи жәлар ррепсублика аиаҳабыреи рыбжьара аординартә тәылауаҩшәҟәқәа змоу ахаҿқәа рзы авизадатә режим аԥыхра” иазкы аиқәшаҳаҭра амч анаиу ашьҭахь, Қарҭ-Урумчи-Қарҭ ахырхарҭала инагӡан актәи ишиашоу авиареис.

Китаи ашҟа ицоз атәылауаа инаскьаргеит Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Мариам Қвривишвилии Адәныҟатәи аусқәа рминистр Алеқсандре Хвҭисиавшилии, Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Цени.

Китаитәи ареспублика алалара цыҧхьаӡа аҿҳәара  30 мшы  иреиҳамзароуп,  насгьы,   Қырҭтәыла атәылауаа 180 мшы рыҩныҵҟала  Китаи иҟазар рылшоит 90 мшы.