Китаи ацҳаражәҳәаҩ – Астратегиатә партниор аҳасабала, Китаи, Қырҭтәыла асоциал- економикатә азҳара ацхраара иазҿлымҳауп
Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ Чжоу Цзиан Қырҭтәылеи Китаии рстратегиатә партниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟарҵо ашьаҿақәа дрылацәажәеит.
Иара ишиҳәаз ала, Китаи Қырҭтәыла асоциал-економикатә азҳара ацхраара иазҿлымҳауп.
«Ҳара Гори афинанстә цхыраара аҳҭеит ақалақь акәша-мыкәшеи ақыҭақәеи рҿы асоциалтә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы. Астратегиатә партниорра ашьақәыргылара ашьҭахь, Қырҭтәыла аиҳабыра рыцхраара – ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рҿы акрызҵазкәа хырхарҭоуп. Иара убас, ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит. Ари азҵаара ҳстратегиатә еизыҟазаашьақәа рҿы ахадаратә ҵакы амоуп. Иара убас, иазәгасҭар сҭахуп COVID-пандемиа аан Китаи Қырҭтәылеи уи ауааҧсыреи ирнаҭеит 200 000 еиҳаны авакцинақәа. Усҟан Америкеи европатәи атәылақәеи авакцинақәа рекспорт иқәиҭымыртәит. Убри адагьы, апандемиа аан Китаи Қырҭтәыла иазоунашьҭит 1,5 миллион адоллар рыхә ацхыраара. Астратегиатә партниор аҳасабала, Китаи, Қырҭтәыла асоциал- економикатә азҳара ацхраара иазҿлымҳауп», — иҳәеит Чжоу Циан.