Китаи анапхара акоронавирус амзызла алагалаз аԥкрақәа дырмариеит
Китаи анапхара акоронавирус амзызла алагалаз аԥкрақәа дырмариеит

Китаи анапхара акоронавирус амзызла алагалаз аԥкрақәа дырмариеит. Иахьарнахыс, асимптомда “covid-19” змоу атәылауаа акарантин азысра рыҩнқәа рҿы рылшоит.

Арегулиациақәа рырмариара аӡбара анапхгараҿ рыдыркылеит Китаи ақалақь дуқәа рҿы имҩаԥысыз аҿагыларатә акциақәа рышьҭахь.

ВВС аинформациа ала, зегьеицырзеиԥшу акарантин амзызла ауааԥсыраҿ агәынамӡара иҟан.

Уажәы атәылаҿ акоронавирус ала ачымазаҩхара арбага ашыкьымҭа ауп, есымша 30 нызқьҩык иреиҳҳаны акоронавирус рыдырбалоит.