Кишиниов Румынтәылеи Молдовеи рпарламентқәа еицырзеиҧшу раҧхьатәи аилатәара мҩаҧысуеит
Кишиниов Румынтәылеи Молдовеи рпарламентқәа еицырзеиҧшу раҧхьатәи аилатәара мҩаҧысуеит

Кишиниов Румынтәылеи Молдовеи рпарламентқәа еицырзеиҧшу раҧхьатәи аилатәара мҩаҧысуеит.

Молдоватәи АИХ адыррақәа рыла, аилатәара рхы аладырхәоит Молдова апартиақәа зегьы, акоммунистцәеи асоциалистцәеи роппозициатә блок ада, дара ишырҳәаз ала, ари аилатәара Аконституциа иашьашәалам.

Молдова ахада Маиа Санду аилатәараҿ дыҟоуп. Румынтәылатәи аган аҟынтә аилатәара иалахәып аҩ-палатаr рхантәаҩцәеи, апарламенттә гәыҧқәеи, Сенати, Адепутатцәа рпалатеи рнапхгаҩцәеи.

Апарлемнт аилатәара   «Сфатул Церии» аиҭахысроуп – ари аорган  1917–1918 шықәсқәа рзы иҟан, усҟан ари аорган аҿы Румынтәылеи Молдовеи реидҵара иазкны аҳәамҭа ҟаҵан.