Молдова аҳҭнықалақь Кишинев евроинтеграциа адгыларатә акциа мҩаԥысит, акциа рхы алаадырхәит 80 000-ҩык рҟынӡа – аанацҳаит “Роитер”.
“Молдоваа европаа роуп, бжьышықәса рыла Евроеидгыла ҳалалароуп. Молдова Евроеидгыла ахь амҩа алнахит”, – илҳәеит Молдова ахада Маиа Санду акциа аҿы.
Санду Урыстәыла аиҳабыра аҿагыларатә нырра аларҵәара ахароуп ҳәа аалыцҳаит.
Акциа алахәылацәа аполитикатә лидерцәа евроинтеграциа алырхырц аарыԥхьеит.