Кипр, акороавирус афактқәа рхыҧхьаӡара ацлара амшала,  асабрадақәа рныҟәгара хымҧадоуп
Кипр, акороавирус афактқәа рхыҧхьаӡара ацлара амшала,  асабрадақәа рныҟәгара хымҧадоуп

«Кипр арегулиациақәа раҧыхра ашьҭахь мызкы анҵы, акоронавирус афактқәа рхыҧхьаӡара ацлара амшала,  асабрадақәа рныҟәгара арегулиациа еиҭашьақәыргылоуп», — аанацҳаит агентра Reuters.

Агәабзиарахьчара аминистр ишиҳәаз ала, ауаа ахыбрақәа рыҩныҵҟа хымҧада асабрадақәа рҿазароуп, ари арегулиациа  амч аиуеит ахәаша инаркны.

АИХ адыррақәа рыла, акоронавирус аҿкаара есымшатәи астатистика ацынхәрас, атәылаҿы есымчыбжьтәи астатистика цәырыргоит. Ҧхынгәы 1 азы иҟаз адыррақәа рыла, мчыбжьыкала атәылаҿы   10 нызқь еиҳаны акоронавирус афактқәа аарҧшуп.