«Пхениан Урыстәыла иарбанзаалак аполитика иадгылоит», — иҳәеит Аҩадатәи Кореиа алидер Ким Чен Ин Урыстәыла ахада Владимир Путин даниҧылоз.
Ким Чен Ин ишиҳәаз ала, Пхениан Урыстәылаҟны астратегиатә партниорра аиҕьтәра иазҿлымҳауп.
«Аҩадатәи Корреиа, Урыстәыла ахьыҧшымреи, ашәарҭадареи, иара убас, аҵакырадгьылтә акзаареи ахьчара амзызла Украина имҩаҧысуа арратә операциа ҷыда амҩаҧгараҿы Урыстәыла анапхгареи, арбџьармчқәеи, ажәлари ирыдгылоит», — иҳәеит Ким Чен Ин.
Иахьа Путин Пхениан даҭааит. Урыстәыла ахада, 24 шықәса рыҩныҵҟала раҧхьаӡа акәны, Аҩадатәи Кореиа аҳҭнықалақьаҿ авизит мҩаҧигоит.