Киевтәи аобластг аполициа аиҳабы ишааицҳаз ала, Урыстәыла аракетатә жәылара амшшала, Вышгород аҟны аԥсыҭбарақәа рхыԥҳьаӡара 42-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Киевтәи аобластг аполициа аиҳабы ишааицҳаз ала, Урыстәыла аракетатә жәылара амшшала, Вышгород аҟны аԥсыҭбарақәа рхыԥҳьаӡара 42-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Урыстәыла аракетатә жәылара амшшала, Вышгород аҟны аԥсыҭбарақәа рхыԥҳьаӡара 42-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Ари атәы ааицҳаит Киевтәи аобласт аполициа аиҳабы Андреи Небытов. Ахәрақәа зауз иреиуоуп фҩык ахәыҷқәа.

Небытов иажәақәа рыла, Вышгород „X-101“ атип змоу аракетақәа ирылахысит. Еилаҳаит ахәыҷбаҳчеи ашкола ахыбреи.

Урыстәыла ажәылара нанагӡоит Сумы арегион аганахьала. Иацы аракетатә жәылара мҩаԥган Запорожиетәи, Кривои Рогтәи, Донецктәи аобластқәа рҿы. Иҭахеит ҩыџьа.