Келли Дегнан – Қырҭтәыла  - ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп, дара рхала ирыӡбароуп рҵакырадгьылқәа рыхьчаразы иарбан алиансоу еиҕьаршьо
Келли Дегнан – Қырҭтәыла  - ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп, дара рхала ирыӡбароуп рҵакырадгьылқәа рыхьчаразы иарбан алиансоу еиҕьаршьо

Қырҭтәыла  – ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп, дара рхала ирыӡбароуп рҵакырадгьылқәа рыхьчаразы иарбан алиансоу еиҕьаршьо, — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан.

Ләара лажәақәа рыла, НАТО амаӡаныҟәгаҩ хадеи Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩи  НАТО адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара инарҭбааны иахцәажәеит.

«НАТО маӡаныҟәгаҩ хада Столтенберги Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Блинкени НАТО адәныҟәатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара инарҭбаны иахцәажәеит. Аҵыхәтәантәи 13 шықәса рыҩнуҵҟала, есышықәса шьҭымҭак ауп иҟарҵо, Қырҭтәылеи Украинеи хымҧада НАТО иалалоит.  Урыстәыла уажәы абри апроцесс изаҿагылаз сзеилкаауам, Урыстәыла ахаҭагьы  1990-тәи ашықәсқәа рзы Сҭампылтәи Аконвенциа анапаҵаҩра иалахәын. Аконвенциа ишану ала, ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа дара еиҕьаршьо арратә алиансқәа ралхра азин рымоуп.  Қырҭтәыла  – ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп, дара рхала ирыӡбароуп рҵакырадгьылқәа рыхьчаразы иарбан алиансоу еиҕьаршьо», — илҳәеит Келли.