Келли Дегнан - Ҳара Қырҭтәыла иазку азҵаара Қырҭтәыла ада ахцәажәара ҳгәы иҭам
Еиду Америктәи Аштатқәа атәылацыԥхьаӡа рсуверенитет пату ақәнаҵоит, урҭ иреиуоуп Қырҭтәылеи Украинеи рсуверенитетқәа. Шәара ишәыдышәкылаз исуверену аӡбара Урыстәыла вето ақәҵара азалшом, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.
Дегнан лажәақәа рыла, ЕАШ Қырҭтәыла иазку азҵаара Қырҭтәыла ада ахцәажәара ргәы иҭам.
“Ҳазҭагыло амчыбжь азы адунеи зыҩаӡара ҳараку аиԥыларақәа икылкааны рыцклаԥшуеит, арҭ аиԥыларақәа хықәкыс ирымоуп Урыстәыла аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟанаҵаз ашьаҿақәеи иааузымчҳауа ахымҩаԥгашьеи, Европа ашәарҭадара аганахьала аанарԥшуа ашәарҭақәеи рықәҿыҭра. Ирацәаӡаны урыстәылатәи адезинформациа ҳаҳаит, зҵаарақәак рзы сгәаанагара аасырԥшыр сҭахуп:
Еиду Америктәи Аштатқәа атәылацыԥхьаӡа рсуверенитет пату ақәнаҵоит, урҭ иреиуоуп Қырҭтәылеи Украинеи рсуверенитетқәа. Шәара ишәыдышәкылаз исуверену аӡбара Урыстәыла вето ақәҵара азалшом.
Ҳара Қырҭтәыла иазку азҵаара Қырҭтәыла ада ахцәажәара ҳгәы иҭам. Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәнаҩ Блинкен иҳәеит: “Еиду Америкатәи Аштатқәа Европа ашәарҭадаоа европатәи ҳадгылаҩцәеи ҳпартниорцәеи рыда ахцәажәара агәы иҭам”, – илҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.
Иара убас Келли Дегнан иазгәалҭеит ЕАШ Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи асуверенитети шрыдгыло.
“Даҽазнык еилыкка исҳәоит: Кремль аргәаҟреи, аршәареи адезинформациеи рыда уаҳа акгьы азалшом. Ари Амрикеи Қырҭтәылеи шьаҭас измоу хәынаӡарақәа ракәҿам. Еиду Америкатәи Аштатқәа иаку, зхы иақәиҭу иҭынчу Европа агәа агоит. Европатәи ҳпартниорцәа рҟны аусеицура наҳагӡоит. Аимак ҟамларц азы, адеескалациазы Урыстәылаҟны аиԥылара ҳазыхиоуп. Аха Европа ашәарҭадара, асуверенитет, ахьыԥшымра амамкра ҳгәы иҭам. Қырҭтәыла амоу адевиз ҳара ҳдевизуп “Акзаара ауп амч змоу!” – аалыцҳаит ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ.