Келли Дегнан - Евроеидгыла ахеилак арекомендациақәа рынагӡаразы, Қырҭтәыла аиҳабыреи егьырҭ аганқәеи, аоппозициатә партиақәеи, атәылауаҩратә сектори аусеицура иалагароуп
Евроеидгыла ахеилак арекомендациақәа рынагӡаразы, Қырҭтәыла аиҳабыреи егьырҭ аганқәеи, аоппозициатә партиақәеи, атәылауаҩратә сектори аусеицура иалагароуп ҳәа сгәы иаанагоит, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан ажурналистцәа данрацәажәоз.
Ацҳаражәҳәаҩ лажәақәа рыла, ақырҭуа жәлар рашәара 20 рзы иаахтны аадырԥшит Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара шадгыло, евроеидгыла амҩаҿ ақәҿиарақәа раиура шырҭаху.
“Евроеидгыла ахеилак арекомендациақәа рынагӡаразы, Қырҭтәыла аиҳабыреи егьырҭ аганқәеи, аоппозициатә партиақәеи, атәылауаҩратә сектори аусеицура иалагароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ари Евроеидгыла алаларазы акандидат статус аиура амҩоуп. Арекомендациақәа нагӡаны, Қырттәыла ашықәс анҵәамҭазы астатус аиуеит ҳәа сгәы иаанагоит. Қырҭтәыла Европа иахәҭоуп, Евроеидгыла Қырҭтәыла адкылара аҭахуп, аха Қырҭтәыла адемократи аанарԥшыроуп ареформақәа мҩаԥнагароуп. Иахьахы иаҳа идуу апрогресс аашәырԥшыроуп. Аиҳа́быреи ауаажәларреи рымчқәа еидкыланы, Евроеидгыла алаларазы ирылшо зегь ҟарҵароуп”, – илҳәеит Дегнан.