Кахеҭи ҧшь-цәаҳәактәи амагистраль раҧхьатәи 35 километртәи ацыҧҵәаха аартуп
Кахеҭи ҧшь-цәаҳәактәи амагистраль раҧхьатәи 35 километртәи ацыҧҵәаха аартуп, уажәшьҭарнахыс атранспорт Қарҭынтә Сагареџьонӡа амҩа лас ала иныҟәоит.
Қарҭи Сагареџьои еимыздо амҩа амҩатә аиҭаҵра ашәарҭадара ҳаамҭазтәи астандартқәа зегьы ирышьашәалоуп, арлашаратә системала еиқәыршәоуп.
Амагистраль анхарҭатә 4 пунктк (Вазиани, Сарҭиҷала, Ниноҵминда, Сагареџьо) ирывсны ицоит, амҩа ҿыц абзоурала, аиҭаҵразы ҩынтә имаҷны аамҭа аҭахуп, ари амҩала хынтә еиҳаны амашьынақәа еиҭаҵыр рылшоит.
Амҩа аргыларатә усурақәа аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә ирзоушьҭын 533 502 661 миллион лари.
Қарҭи Сагареџьои еимыздо 35 километртәи жәларбжьаратәи амагистральтә мҩа Қарҭи Кахеҭии еимыздо амҩатә аҳа хадеи Қырҭтәылеи Азербаиџьани еимыздо жәларбжьаратәи атранзиттә корридори ирыҵанакәа хәҭоуп.
Кахеҭи ҧшь-цәаҳәактәи жәларбжьаратәи амагистраль арҿиаразы, зынӡа идыргылоит 85 километр амҩа, ари амҩа Бакурцихе аҟынӡа инеиуеит.