Каха Калаӡе - 12 пункт рыла ишьақәгылоу аплан ишахәҭоу еиԥш анагӡаразы Қырҭтәыла анапхгара алшо хегь ҟанаҵоит, уҳәан-сҳәан алшара аӡәгьы иаҳҭом
Каха Калаӡе - 12 пункт рыла ишьақәгылоу аплан ишахәҭоу еиԥш анагӡаразы Қырҭтәыла анапхгара алшо хегь ҟанаҵоит, уҳәан-сҳәан алшара аӡәгьы иаҳҭом

Қарҭ ахада Каха Калаӡе иажәақәарыла, Евроеидгыла акандидат статус аиуразы, Қырҭтәыла аиуит 12 пункт рыла ишьақәгылоу аплан.

Калаӡе ишазгәеиҭаза ла, аоппозициаа ари аплан анагӡара апроцесс иацхаауам, уи акәым егьиаԥырхагоит.

«Арҭ 12 пункт анҳарҭоз, урҭ рынагӡараҿ аоппозициаагьы рхы аладырхәароуп ҳәа ҳарҳәеит. Аоппозициаа ари аплан анагӡара апроцесс иацхаауам, уи акәым егьиаԥырхагоит. 12 пункт рыла ишьақәгылоу аплан ишахәҭоу еиԥш анагӡаразы Қырҭтәыла анапхгара алшо хегь ҟанаҵоит, уҳәан-сҳәан алшара аӡәгьы иаҳҭом», — иҳәеит Каха Калаӡе.