Карл Харцель – Евроеидгылеи Қырҭтәылеи европатәии аглобалтәии шәарҭадара арҕәҕәаразы аус еицыруеит
Евроеидгылеи Қырҭтәылеи европатәии аглобалтәии шәарҭадара арҕәҕәаразы аус еицыруеит, — иҩит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Twitter аҿы.
Карл Харцель Ацентртә Африкатә республикаҿы Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Дуглас Карпентер иҟаиҵаз аҳамҭа дахцәажәеит. Ари аҳәамҭаҿы Карпентер Қырҭтәыла даҭабууп Ацентртә Африкатә республикаҿы арратә азыҟаҵарақәа рҿы Қырҭтәыла иҟанаҵаз алагалазы.
«Ацентртә Африкатә республикаҿы сколлега ҭабуп ҳәа иасҳәоит. Қырҭтәыла кыршықәса рыҩнуҵҟа абри ареспубликаҿы ашәарҭадара арҕәҕәара иацхраауеит. Евроеидгылеи Қырҭтәылеи европатәии аглобалтәии шәарҭадара арҕәҕәаразы аус еицыруеит », — иҩит Карл Харцель.