Карл Ҳарцель  - Ареволиуциатә наратив Евроеидгыла мацара акәымкә, аӡәы игәаԥхоит ма дадгылоит ҳәа сгәы иаанагом
Карл Ҳарцель  - Ареволиуциатә наратив Евроеидгыла мацара акәымкә, аӡәы игәаԥхоит ма дадгылоит ҳәа сгәы иаанагом

Ареволиуциатә наратив Евроеидгыла мацара акәымкә, аӡәы игәаԥхоит ма дадгылоит ҳәа сгәы иаанагом, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель.

«Амҩаҿ имҩаԥысуа апротестқәеи адемонстрациақәа рымҩаԥгареи, ахатә гәаанагара аарԥшра алшара амазаареи ҳрыдгылоит, арҭ адемонстрациақәа ҭынч мҩала анымҩаԥысуа, аха апротест аполитикатә диалог ацынхәрас мҩаԥгатәым, адиалог хымԥада имҩаԥгатәуп аполитикатә  кризис алҵразы,» – иҳәеит Ҳарцель.

Игәаанагарала, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа еиқәшаҳаҭра ҭбаа абжьаҵара иаԥырхагоит.

Ҳарцель иажәақәа рыла, анапхгаратә партиа иаԥшьыргеит ҩ-закәанпроектк: апартиақәа ррегистрациеи урҭ рфинансркреи ирызку азакәанпроектқәа.

«Анапхгаратә партиа иаԥшьыргеит ҩ-закәанпроектк: апартиақәа ррегистрациеи урҭ рфинансркреи ирызку азакәанпроектқәа. Сгәы шаанаго ала, арҭ апроектқәа раԥшьыгара апроцесс иадгылом, ҳгәынамӡара ааҳарԥшырц ҳҭахуп,“ – иҳәеит Ҳарцель.

Иажәақәа рыла, аплиуралисттә демократиазы апарламент алалара амбициа змоу, апарламент анҭыҵ релекторат апозициақәы рахьчара зҭаху апартиақәа рыҟазаара аҵак ду амоуп