Карл Ҳарцель  - Апроцесс иманшәаланы ицоит, Еврокомиссиа Қырҭтәылеи, Украинеи Молдовеи ирызку агәаанагара иаауа амзазы ицәырнагап ҳәа сгәыӷуеит
Карл Ҳарцель  - Апроцесс иманшәаланы ицоит, Еврокомиссиа Қырҭтәылеи, Украинеи Молдовеи ирызку агәаанагара иаауа амзазы ицәырнагап ҳәа сгәыӷуеит

Еврокомиссиа азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа хара имгакуа шҳарҭо сақәгәыӷуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, Еврокомиссиа Қырҭтәылеи, Украинеи Молдовеи ирызку агәаанагара иаауа амзазы цәырнагап ҳәа дгәыӷуеит.

“Аԥыза-министр иҟынтә азҵаабӷьыц актәи ахәҭа соуит. Еврокомиссиа азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа хара имгакуа шҳарҭо сақәгәыӷуеит. Апроцесс иманшәаланы цоит, заанаҵы ишьақәгылоу аграфик ала. Еврокомиссиа Қырҭтәылеи, Украинеи Молдовеи ирызку агәаанагара иаауа амзазы цәырнагап ҳәа сгәыӷуеит”, – иҳәеит Карл Ҳарцель.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, азҵаабӷьыц аҭакқәа рцәыргара азҵаара аиҳабыра рхала рыӡбароуп. “Евроеидгыла агәаанагара хымԥада цәыраагоит,” – иҳәеит Карл Ҳарцель

Иацы, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, аиҳабыра радминистрациаҿы Евроеидгыла ахаҭарнакра анапхгаҩы Карл Ҳарцель ииҭеит ихарҭәаау Еврокомиссиа азҵаабҕьыц актәи ахәҭа.