Канада Атәылахьчара аминистрра аинформациала, Украина Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы канадатәи абџьар ахархәара алшоит
Канада Атәылахьчара аминистрра аинформациала, Украина Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы канадатәи абџьар ахархәара алшоит

Канада Атәылахьчара аминистрра аинформациала, Украина Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы канадатәи абџьар ахархәара алшоит.

Канада Атәылахьчара аминистр ишааицҳаз ала, рабџьар ахархәаразы агеографиатә аԥкрақәа шьақәдыргылом.

“Укрвинаа зегь реиҳа ибзианы ирдыруеит рыԥсадгьыл ахьчара шаҭаху, ари аус аҿы ҳрыдгылар ҳазыхиоуп. Канадатәи абџьар ахархәаразы агеографиатә аԥкрақәа шьақәҳаргылом”, – иҳәеит Канада Атәылахьчара аминистр ахаҭарнак Андре-Ен Пулин.

Андре-Ен Пулин ишазгәеиҭаз ала, канадатәи ацхыраара абџьар ахәаахәҭра аиқәшаҳаҭраҿ иаарԥшу аҳәарақәа ирышьашәалоит.