Канада апарламент Украинаҿ Урыстәыла ауранагӡара агеноцид ҳасабала азханаҵеит
 Канада апарламент Украинаҿ Урыстәыла ауранагӡара агеноцид ҳасабала азханаҵеит

 Канада апарламент Украинаҿ Урыстәыла ауранагӡара агеноцид ҳасабала азханаҵеит. Азакәанҧҵаҩцәа ргәаанагарала,  урыстәылатәи арбџьармчқәа Владимир Путин идҵала асистематә арратә ацәгьаурақәа шыҟарҵаз зыршаҳаҭуа ашаҳаҭгақәа иҟоуп.

«Ацәгьаурақәа ирыҵанакәеит амассатә ауаҩшьреи, Украина аҭынчуаа рышьреи, ауаа рыргәаҟреи, амш рылагареи, аҧсихикатә ақәыҕәҕәареи», — иануп Канада апарламент алахәылацәа еицҵакны ирыдыркылаз адокумент аҿы.