Камалла Ҳарриси Дональд Трампи цәыббра 10 рзы АВС аефир аҿы адебатқәа рымҩаԥгаразы еиқәшаҳаҭхеит
Камалла Ҳарриси Дональд Трампи цәыббра 10 рзы АВС аефир аҿы адебатқәа рымҩаԥгаразы еиқәшаҳаҭхеит

Камалла Ҳарриси Дональд Трампи цәыббра 10 рзы АВС аефир аҿы адебатқәа рымҩаԥгаразы еиқәшаҳаҭхеит, – аанацҳаит АВС.

“Вице-ахада Ҳарриси ԥасатәи ахада Дональд Трампи шьақәдырӷәӷәеит адискуссиа шалахәхо”, – аанацҳаит АВС.

Уаанӡа Трамп ишазгәеиҭаз ала, Камала Ҳаррис лҟны адубатқәа хынтә рымҩаԥгаразы дыхиоуп.

Уаанӡа Камалла Ҳаррис Дональд Трамп иҟны Fox News аҿы адебатқәа рымҩаԥгара дақәшаҳаҭымхеит. ЕАШ вице-ахада лажәақәа рыла, акандидатцәа рыбжьара адебатқәа телеканал АВС аҿы цәыббра 10 рзы мҩаԥгахароуп, лара аҭыԥи аамҭеи рыԥсахра дақәшаҳаҭым.  Ари иаҭакны Дональд Трамп исоциалтә каҭа  Truth Social аҿы ианиҵеит “Камала Ҳаррис иара иҟны адебатқәа рымҩаԥгара дацәшәоит ҳәа”. Камала Ҳаррис цәыббра 4 рзы адебатқәа рымҩаԥгара дақәшаҳаҭымхар, адебатқәа мҩаԥгахом ҳәа.