Камала Харрис – Сара Дональд Трамп иҟны адебатқәа рымҩаҧгара сазыхиоуп
Камала Харрис – Сара Дональд Трамп иҟны адебатқәа рымҩаҧгара сазыхиоуп

Америка авице-ахада Камала Харрис лҳәамҭала, лара Дональд Трамп иҟны адебатқәа рымҩаҧгара дазыхиоуп.

«Ауаа рацәа адебатқәа ирызкны исазҵаауеит, Дональд Трамп иҟны адебатқәа рымҩаҧгара сазыхиоуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Сара сыхиоуп», — илҳәеит  Камала Харрис ажурналистцәа данрацәажәоз.

Дональд Трампи Џьо Баидени ралхраҧхьатәи акампаниақәа рнапхгаҩцәа ишеиқәшаҳаҭхаз ала, сынтәа адебатқәа ҩынтә имҩаҧысуеит. Руакы рашәарамзазы имҩаҧган, егьи адебатқәа мҩаҧысуеит цәыббра 10 рзы.

Ателеканал Fox News  ажәалагала ҟанаҵеит Трампи Харриси рдебатқәа цәыббра 17 рзы рымҩаҧгаразы. Харрис ажурналистцәа данырҧылоз ари ажәалагала акгьы ахылымҳәааит.