Камала Харрис – Ахада Баиден иҟынтә адгылара сара сзы ҳаҭыр дууп, сара аиааира сазықәҧоит
Камала Харрис – Ахада Баиден иҟынтә адгылара сара сзы ҳаҭыр дууп, сара аиааира сазықәҧоит

Америка авице-ахада Камала Харрис   2024 шықәсатәи апрезиденттә алхрақәа рҿы лкандидатура шықәлыргыло аалыцҳаит.

«Ахада Баиден иҟынтә адгылара сара сзы ҳаҭыр дууп, сара аиааира сазықәҧоит. Алхрақәа рҟнынӡа 107 мшы ҳзаанхеит. Ҳара ҳаицықәҧоит, аиааира еицаҳгоит», — илҳәеит  Харрис.

Харрис Џьо Баиден ҭабуп ҳәа иалҳәеит ахада иаҳасабала имҩаҧигаз аусуразы.

«Ахада Баиден иҟынтә адгылара сара сзы ҳаҭыр дууп, сара аиааира сазықәҧоит. Шықәсак иалагӡаны атәыла зегьы салсит, америкауаа арҭ алхрақәа ҵакыс ирымоу азы срацәажәон. Сара Адемократиатә партиеи ҳмилаҭи реидкылареи, Дональд Трамп иаҵархареи азы  исылшо зегьы ҟасҵоит. Алхрақәа рҟнынӡа 107 ишы ҳзаанхеит. Ҳара ҳаицықәҧоит, аиааира еицаҳгоит», — илҳәеит  Харрис.