Калифорниатәи аштат аҟны  Дональд Трамп идгылаҩцәа реиԥылара ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ аҩналарҭаҿ бџьарла еибыҭаз ахаҿы дааныркылеит
Калифорниатәи аштат аҟны Дональд Трамп идгылаҩцәа реиԥылара ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ аҩналарҭаҿ бџьарла еибыҭаз ахаҿы дааныркылеит

Калифорниатәи аштат аҟны ЕАШ апрезидентрахь акандидат Дональд Трамп идгылаҩцәа реиԥылара ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ аҩналарҭаҿ бџьарла еибыҭаз ахаҿы дааныркылеит, – аанацҳаит ВВС. Ахҭыс калифорниатәи Коачела ақалақь аҿы ҟалеит.

Аихқәа ишаарыцҳаз ала, иаанкылоу ахаҿы Лас Вегас иқәынхо 49 шықәса зхыҵуа Вем Миллер иоуп. Уи анашьҭыга ԥаршеи иман.

Миллер аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 17:00 рзы даанкыланю ВВС аинформациа ала, уи 5000 доллар ашас ԥара ацынхәрас доурыжьҭит.

Риверсаидтәи ашериф иофис аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аинцидент иазку апрессконференциа мҩаԥыргоит.