Каиа Каллас – Естониа адәныҟатәи аусқәа рминистр Маргус Цахкна Қырҭтәыла акциаҿы иқәгылара иазкны заанаҵы аиҳабыра дырмацәажәеит
Естониа аҧыза-министр Каиа Каллас лҳәамҭала, адәныҟатәи аусқәа рминистр Маргус Цахкна Қырҭтәыла акциаҿы иқәгылара азҵаара заанаҵы аиҳыбараҿ даламцәажәеит.
Калас адепутат Лаури Лаатс изҵаара аҭак ҟалҵеит. Иара аҧыза-министр длазҵааит аминистр ихымҩаҧгашьа ииашоуп ҳәа илыҧхьаӡома. Лымкаала, адепутат иазгәеиҭеит: «Маргус Цахкна Қырҭтәыла имҩаҧысуаз адемонстрациа ихы алаирхәит. Шәгәы ишҧаанаго, иаҳҳәап, Қырҭтәыла, Финлиандиа, ма иарбанзаалак даҽа тәылак адәныҟатәи аусқәа рминистр ҳтәылашҟа дааны, Каиа Калас анапхгара ззылуа аиҳабыра ирҿагыланы имҩаҧысуа акциа ихы алаирхәыр, уи иахышәҳәаауеи? Сара интересс исымоуп, абри афакт заанаҵы аиҳабыра рҟны еиқәшаҳаҭызма?».
«Мап, ари азҵаара аиҳабыра рҟны еиқәшаҳаҭымызт. Аха, ҳара Қырҭтәыла акандидат астатус анаҳҭа инаркны, дара ииашам шьаҿақәак ҟарҵоит. Уи Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи апроблема акәӡам. Араҟа, Евроеидгыла зегьы аҳаҭыр ауп ҳазлацәажәо.
Сара абри ақәгылара сақәыӡбом. Балтиатәи атәылақәеи Исландиеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәылаҟа ицеит ақырҭуа жәлар адгылара рзаадырҧшырц азыҳәан — Европа ақырҭуа жәлар ишрыдгыло аарҧштәуп ҳәа сгәы иаанагоит», — илҳәеит Калас.
Ишыжәдыруа еиҧш, лаҵара 15 рзы Естониеи, Исландиеи, Литвеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа, Қарҭ иааны, Русҭавели имҩадуаҿ имҩаҧысуаз апротесттә акциа алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылеит.